Саломе Зурабишвили – Ауаа рацәа хаҭала исыҳәеит, аха, сара ирасҳәеит ашьауҕа ақәхра  – ари аҭагылазаашьа алҵра иацхраауам ҳәа, избанзар, ақырҭуа жәлар Саакашвили ирежим жәышықәса рхыргеит
Саломе Зурабишвили – Ауаа рацәа хаҭала исыҳәеит, аха, сара ирасҳәеит ашьауҕа ақәхра  – ари аҭагылазаашьа алҵра иацхраауам ҳәа, избанзар, ақырҭуа жәлар Саакашвили ирежим жәышықәса рхыргеит

 

 «Ақырҭуаа агуманизми аинычҳареи  рылоуп, аха, ауааҧсыра ргәы ишаанаго ала, Саакашвили иара ихаан иҟаҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭак иҧхықәуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили «Украинатәи правда» аинтервиуаҿ.

Ажурналист ишазгәеиҭаз ала, Михаил Саакашвили Украина датәылауаҩуп, Владимир Зеленски изныкымкәа аҳәара ҟаиҵахьеит Саакашвили Украинаҟа ддырхынҳәырц.  Саакашвили ашьауҕа иқәхра зылҭахыми, ари азҵаара иадҳәаланы илықәыҕәҕәома ҳәа даниазҵаа, Саломе Зурабишвил илҳәеит лара, раҧхьа иргыланы, ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭакҧхықәра шлыду.

«Атәыла ахада лаҳасабала, сара ақырҭуа жәлар ргәаанагара иазҧхьагәасҭароуп.  Ақырҭуа жәлар Саакашвили ирежим жәышықәса рхыргеит, ари арежим иалаӡыз ауаа рацәоуп. Абри азҵаара Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҟәшара мзызны иҟалеит.

Ақырҭуа жәлар Саакашвили акгьы ихарам ҳәа ргәы иаанагом. Иара ишакәым еиҧш изныҟәара иақәшаҳаҭым, атәыла ҧасатәи ахада ҽакала изныҟәатәуп ҳәа рәгы иаанагоит. Ақырҭуа жәлар агуманизми аиныҷҳареи рылоуп. Аха, Саакашвили иара ихаан иҟаҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭак иҧхықәуп ҳәа ргәы иаанагоит.

Ашьауҕа ақәхра  – аморалтә зҵаароуп, сара уи азы ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭак сыҧхықәуп.  Аха, сара адипломатиатә уаажәларра аус рыцызуеит, Европа исымоу аимадарақәа схы иасырхәоит, ҳтәыла анапхгарагьы аус рыцура сҽазыскит, ҧасатәи ахада ишизныҟәатәу азҵаара ӡбашьак аҳҭарц азыҳәан.

Рыцҳарас иҟалаз, ҳтәыла анапхгара ари азҵаара макьана иақәҿрымҭыцт. Аекстрадициа азҵаара еиуеиҧшым ашьаҿақәа рыла иақәҿырҭыр рылшоит, аха, хымҧада иақәҿырҭроуп. Дара ари аӡбаразы аҭак рыҧхықәуп», — илҳәеит  Зурабишвили.

Саакашвили изҵаара Украинеи Қырҭтәылеи реиҩызара иаҧырхагахар ауама ҳәа ианлазҵаа, Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, ҩ-тәылак реиҩызара абри азҵаара аасҭа иаҳа иҳаракны игылоуп.