Саломе Зурабишвили, атәылаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Шарль Мишель ҭелла диацәажәеит
Саломе Зурабишвили, атәылаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Шарль Мишель ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, атәылаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ҭелла диацәажәеит.

Атәыла ахада ладминистрациа адыррала,  Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала,  Қырҭтәыла евроинтеграциа аӡәгьы дзаҧырхагахом, уи Европазгьы аҵакы ду амоуп.

«Европатәи ахеилак ахантәаҩы иҟны акыраамҭа инагӡахаз аҭелтә аиҿцәажәараан Қырҭтәыла ахада абарҭ азҵаарақәа дырзааҭгылеит: атәылаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа, Қырҭтәыла евроинтеграциеи,  ари апроцесс иаҧырҳагоу афакторқәеи, апарламенттә аиҳара идырхынҳәыз «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроекти, уи иахылҵыз еиҧҟьарадатәи ауаажәларратә протести,  атәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла аҩызцәеи апартниорцәеи рҟынтә адгылара аҵаки», — иануп атәыла ахада ладминистрациа аинформациаҿы.