Саломе Зурабишвили – Атәыла анапхгара, ажәала акәзаргьы, амчылара иаҿагылом, уи еиҳангьы, амчылара зхароу ддырҽхәоит, амчылара зхызгаз еиҭах иаҳаҭыр ладырҟәоит, уи ҳтәыла иақәнагам, шәара шәхы шәацәыҧхашьароуп
«Аҳәса рзы амчылареи еиуеиҧшым аформақәа рыла уи арқьиареи аганахьала ҳтәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ҽеим», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Атәыла ахада лҳәамҭала, лара иарбанызаалак ажәалатәи махәҿалатәи ақәыҕәҕәара иааҧҵәаны дақәыӡбоит.
«Иҧхашьагоу рҳәамҭақәа рыла зырқьиара ҟамло арқьиара рҽазыркуеит, уи хәмарроушәа иҟарҵоит. Абри аҩыза ацивилизациадатә, асоциалдатә азнеишьа сзеилкаауам, ауаҩра аганахьалагьы аморалтә ганахьалагьы. Избанзар, ҳара ибзианы иаадыруеит лассы-лассы ажәала амчылара ашьҭахь махәҿала амчыларагьы шыҟало, зны- зынла абри зегьы арыцҳара ду ахылҵуеит, афемицид ахылҵуеит.
Сара иарбанызаалак ажәалатәи махәҿалатәи ақәыҕәҕәара иааҧҵәаны сақәыӡбоит. Раҧхьа иргыланы, атәыла ахада лаҳасабала сақәыӡбоит. Сара изакәызаалак ала ҳкультуреи, ҳтрадициақәеи, ҳхымҩаҧгашьеи иадҳәалам зегьы сақәыӡбоит, избанзар, абри зегьы ҳтәыла ахьӡ ланарҟәоит. Адунеи зехьынџьара Қырҭтәыла рдыруеит аҳәса пату ахьрықәырҵо, ҭоурыхла еснагь аҳәса ҕәҕәақәа ахьыҟаз атәыла ҳасабала.
Ҳҭоурыхи ҳахьӡи аҧхасҭатәра ахылҵуеит аполитикатә заралгьы. Ҳтәыла аиҳабыра згәыдурала ирҳәоит аҳәса рзинқәеи агендери иазку 12 абжьагарақәа рыхәҭак наҳагӡеит ҳәа. Ишубарҭоу ала, ҳара напыкала ақьаад ианаҳҵо егьы ҳазнапыкала ианыҳхуеит. Убри аамҭазы, атәыла анапхгара, ажәала акәзаргьы, амчылара иаҿагылом, уи еиҳангьы, амчылара зхароу ддырҽхәоит, амчылара зхызгаз еиҭах иаҳаҭыр ладырҟәоит, уи ҳтәыла иақәнагам, шәара шәхы шәацәыҧхашьароуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.