Саломе Зурабишвили – Ассоциациатә трио атәылақәа, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи асимволтәи аполитикатәи ашьаҽала европатәи аҭаацәара иалалароуп
Ассоциациатә трио атәылақәа, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи асимволтәи аполитикатәи ашьаҿала европатәи аҭаацәара иалалароуп, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили жәабран 28 рзы арадио RFI аинтервиу аналҭоз.
Қырҭтәыла ахада Украина иадҳәалоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит.
«Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп, Европантә сыззыҧшыз нагӡахьеит. 2008 шықәсазы, урыстәыла – қырҭтәылатәи еибашьраан ус изыҟамлеит, сара Европа акзаароуп сызлацәажәо, уи аҭоурыхтә фактуп ҳәа сгәы иаанагоит, уи аҿы алагала ду ҟаиҵеит Еммануэль Макрон, насгьы, уамашәа иубаша, Владимир Путин ихаҭагьы, избанзар, иара зегьы реиҳа дзыцәшәоз аҭагылазаашьа ихала аҧиҵеит. Иара Европа даҽа ҧсҭазаарак аиҭеит. Европа амч шамоу еилнакааит, ахатә амч ахархәара иазыхиоуп. Германтәылагьы аҽаҧсахит, уи адәныҟатәи аполитикагьы аҽаҧсахит, уигьы аҭоурыхтә фактуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, Европа аурыс агрессиазы аҭак ҟанаҵароуп адгыларала, Украина бџьарла еиқәдыршәароуп, иара убас, аполитикатә аҭакгьы ҟарҵароуп.
«Аполитикатә аҭак иаанаго акоуп, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи аинтеграциа амҩаҿы ҧхьаҟацара наҳагӡароуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Қырҭтәыла ахада илазҵааит Қырҭтәыла Бриуссельҟа изакәытә шьҭымҭоу иҟанаҵо ҳәа.
«Ашьҭымҭа еилкаауп. Иахьазы Москва макьана Қырҭтәыла ақәыҕәҕәара алшоит, ҷыдала, Украинаҿ иаҵахар. Усҟан римиџь аиҕьтәразы даҽа ҭыҧк аҿы рымч аадырҧшыр рҭаххоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Ажурналист Қырҭтәыла ахада длазҵааит: «Сиашам ҳәа сашәҳәар шәылшоит, аха, зны-зынла ирҳәалоит Қырҭтәыла Евроеидгылеи Москвеи рыбжьара алхра аан агәҽанызаара ду аанарҧшуеит ҳәа».
«Мап, агәҽанызаара Қырҭтәыла алхра иадҳәалам. Ашәарҭара азҳар, агәҽанызаара иҟазар ауеит, избанзар, Қырҭтәыла — Украина акәӡам», — илҳәеит Зурабишвили.
Ажурналист Иванишвили изкыз азҵаарагьы иқәлыргылеит.
«Иара уаҳа ишиашо аполитика далахәым, сара атәыла ахада соуп, сара соуп аҳәаанырцә Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика аазырҧшуа, Қырҭтәыла иахаҭарнаку. Сара аурыс агрессиа раҧхьатәи амш аҽныҵәҟьа адәахьы идәылҵыз ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аасырҧшуеит. Ҳара европатәи амҩа ҳаныланы ҳцоит, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳамоуп, избанзар ари амҩа кыраамҭа инагӡахеит», — илҳәеит Зурабишвили.