Саломе Зурабишвили – Ашәарҭадара ахеилак аилатәара амҩаҧгара садгылоит, аҳәынҭқарра, атәылеи ауааҧсыреи ринтересқәа рыхьчаразы алшарақәа зегьы ахы ианархәароуп, уи аҵакы ду амоуп
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, лара Ашәарҭадара ахеилак аилатәара амҩаҧгара дадгылоит. Атәыла ахада ари атәы лҩит асоциалтә аҳа «Фейсбук» аҿы.
«Украина аибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы, ҳтәыла аҿаҧхьа ицәырҵыз апроблемақәа рыӡбареи ҳтәылеи ҳуааҧсыреи ринтересқәа рыхьчареи азы, аҳәынҭқарра, анапаҿы иҟоу алшарақәа зегьы ахы ианархәароуп, уи аҵакы ду амоуп», — илҩит Саломе Зурабишвили.
Иахьа, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак мҩаҧган.