Саломе Зурабишвили – Арратә ацәгьаурақәа изакәану аҭак рыҭатәуп, Қырҭтәыла Украина иадгылоуп, наҟ-наҟгьы иадгылазаауеит
Атҟәараҿы иҟаз украинатәи асалдаҭ ихы шхырҵаз аазырҧшуа акадрқәа сгәы ҧыржәеит, — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.
Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, Қырҭтәыла Украина иадгылоит, наҟ-наҟгьы иадгылазаауеит.
«Ауаатәыҩсара ирҿагыло даҽа ацәгьаурак. Арратә ацәгьаурақәа азинтә аҭак рыҭатәуп.
Қырҭтәыла Украина иадгылоит, наҟ-наҟгьы иадгылазаауеит!» — илҩит Саломе Зурабишвили.