Саломе Зурабишвили – Ари афакт саршанхеит, аҭаацәеи ауаҵәеи Қырҭтәыла ауааҧсыреи рхьаа рыцеиҩысшоит
«Абри аҩыза арыцҳара уаҳа иҟамлароуп», — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Facebook аҿы.
«Абри арыцҳара салацәажәарц азыҳәан ажәақәа сызхом. Абри аҩыза арыцҳара уаҳа иҟамлароуп. Ари афакт саршанхеит, аҭаацәеи ауаҵәеи Қырҭтәыла ауааҧсыреи рхьаа рыцеиҩысшоит», — илҩит Қырҭтәыла ахада.
Ишыжәдыруа еиҧш, ампыл ҭыргарц азыҳәан аӡыршә иҭалаз хҩык ахәыҷқәа афымца рысит. Ахәыҷқәа ахәышәтәырҭашҟа инаргеит. 13 шықәса зхыҵуаз аӡҕаб Хечинашвили ихьӡ зху аклиникаҿ дыҧсит. Егьырҭ ҩыџьа ахәышәтәырҭа иҭоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 240 ахәҭаҷ ала, аобиект аҿы ашәарҭадара апҟарақәа реилагаразы.