Саломе Зурабишвили – Ақырҭуа жәлар срывагыланы, Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы иҟанаҵаз абжьагара сеигәырҕьеит
«Ақырҭуа жәлар срывагыланы, Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы иҟанаҵаз абжьагара сеигәырҕьеит», — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.
«Атәыла ахада лаҳасабала, сара ҳаҧхьаҟагьы, европатәи алидер ироль насыгӡоит, зда ҧсыхәа иҟам ареформақәа рымҩаҧгара сацхраауеит», — илҩит Зурабишвили.
Европатәи акомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц. Ари атәы еилкаахеит Еврокомиссиа ахада Урсулы фон дер Лаиени европатәи агәылара аполитикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.