Саломе Зурабишвили – Ақырҭуа жәлар европатәи аҭаацәраҿы ахатә ҭоурыхтә ҭыҧашҟа ахынҳәра рыхәҭоуп, Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп, уи Европа амчи акзаареи шьақәнарҕәҕәоит
«Қырҭәыла европатәи аперспектива анашьара иазку аӡбара аҭоурыхтә ҵакы аман. Уи иаанагоит ҳареи Европеи ҳабжьара иргылаз агеографиатә аҭӡамц ҵыхәҧҵәарала еихабгеит ҳәа», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Литва ахада Гитанас Науседеи лареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Лара лажәақәа рыла, иахьазы ақырҭуа жәлар хықәкык ауп ирымоу – астатус аиура, ари ахықәкы альтернатива амам.
«Ҳаҭыр зқәу ахада, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны, Қырҭтәыла ауадаҩрақәа рыла иҭәыз 32 шықәса ирхысит. Ақырҭуа жәлар, ахатә хақәиҭреи европатәи апринципқәеи рыхьчаразы ауадаҩрақәа рацәа ирхысит. Ари ақәҧара иахьагьы инагӡоит. Арҭ амшқәа рзгьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзгьы, ақырҭуа жәлар изныкымкәа аадырҧшит европатәи апринципқәа ишрызгәыку. Евроеидгылахь аинтеграциа иадгылоит атәыла ауааҧсыра 80%. Ари алхра шьақәырҕәҕәоуп Қырҭтәыла Аконституциа ала. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ имаҷымкәа ашьаҿақәа ҟанаҵеит. Ҳара имаҷымкәа ақәҿиарақәа ҳаман, ауадаҩрақәагьы рацәан, урҭ иахьагьы иҟоуп. 2022 шықәсазы Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазкыз аӡбара аҭоурыхтә ҵакы аман. Уи иаанагоит ҳареи Европеи ҳабжьара иргылаз агеографиатә аҭӡамц ҵыхәҧҵәарала еихабгеит ҳәа. Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара иаҵанакәама ҳәа иҟаз азҵаара уажәшьҭа иқәгылам. Уи зҵакы дуу қәҿиароуп. Акандидат-тәыла астатус аиура – иахьазы альтернатива змам ҳхықәкы хадоуп. Сара абарҭ ажәақәа сҳәоит Қырҭтәыла ахада лаҳасабала, ақырҭуа милаҭ рыхьӡала. Иахьа ақырҭуа уаажәларра Евроеидгылахь аинтеграциазы рҽеидыркылеит. Ҳаҭыр зқәу ахада, хәажәкыра 14 рзы Европарламентахь ааҧхьара аныҟашәҵоз, шәара Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш шәадгылеит, убри азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, избанзар, Литва, еснагь ари апроцессаҿ иҳадгылоуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Иара убас, Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, НАТО алахәылацәа зегьы, Бухаресттәи асаммит адекларациа азыхынҳәразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵароуп, рашәарамзазы Вильниус имҩаҧысраны иҟоу асаммит аҿы НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа аганахьала иҟоу апрогресс азгәарҭароуп.
«Алианс алахәылацәа зегьы, Бухаресттәи асаммит адекларациа азыхынҳәразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵароуп, рашәарамзазы Вильниус имҩаҧысраны иҟоу асаммит аҿы НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа аганахьала иҟоу апрогресс азгәарҭароуп. Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ргәы каҳар ҟалом, Қырҭтәыла ихьчам, уи уадаҩрада ажәылара ҟалоит ҳәа Урыстәыла агәыҕра аҭара ҟалом. 2024 шықәсазы 30 шықәса ҵуеит Қырҭтәылеи Литвеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны. Ҳара алшарақәа зегьы ҳамоуп ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы ари арыцхә қәҿиарала аҧыларазы», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.