Саломе Зурабишвили – Ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус рыхәҭәоуп
Саломе Зурабишвили – Ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус рыхәҭәоуп

 

Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили америкатә сенаторцәа Џьин Шаҳини Дик Дурбини дырҧылеит.

Атәыла ахада лпресс-маҵзура адыррала, аиҧылараҿы атәыла ахада Қырҭтәыла евроинтеграциеи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи,  ашәарҭадара аганахьала  Амшын еиқәа арегионаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи далацәажәеит.

«Орбелианиаа рханаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы америкатә сенаторцәа ишазгәарҭаз ала, дара евроинтеграциа ахырхарҭала Қырҭтәыла ахада иналыгӡо ароли лпозициеи ахә ршьоит. Атәыла ахада ишылҳәаз ала, лара ақырҭуа жәлар рҭаххареи ргәаанагареи аалырҧшуеит», — иануп атәыла ахада лпресс-маҵзура аинформациаҿы.

Иара убас, аиҧылараҿы Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус рыхәҭоуп, избанзар,  30 шықәса рыҩныҵҟа европатәи апринципқәа ирықәныҟәоит.