Саломе Зурабишвили - Ақырҭуа хылҵшьҭра змоу ауаа зегьы Қырҭтәыла атәылауаҩра ахынҳәра рылшароуп
Ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа атәылаҿ имҩаԥысуа апроцессқәа аҽалархәра рылшарц азы иҟаҵатәуп абри ауп – апарламент аҿы ахаҭарнак рзалхтәуп, алхрақәа рҽалархәра зин рыҭатәуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Адиаспора амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Ахада лажәақәа рыла, диаспора ахаҭарнакцәа атәыла аԥсҭазаара аҽалархәра рҭаххар, урҭ алхрақәа рҽалархәра зин рымазароуп.
«Ауаа алхыҩцәас иҭаҩыр азы акгьы ҟаҳҵом. Ари азы ареклама мҩаԥгатәуп, аус адулатәуп. Илегалым ҭагылазаашьаҿ аҳәаанырцә иҟоу атәылауаа ирдыруазароуп алхыҩцәа рсиа ишҭаҩу”, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада.