Саломе Зурабишвили – Аполиаризациа иацхраауа ахадаратә проблемақәа  иреиуп ҧасатәи ахада изҵаара
Саломе Зурабишвили – Аполиаризациа иацхраауа ахадаратә проблемақәа  иреиуп ҧасатәи ахада изҵаара

Аполиаризациа иацхраауа ахадаратә проблемақәа  иреиуп ҧасатәи ахада, Михаил Саакашвили изҵаара, аганқәа зегьы аспекулиациа иаҟәыҵроуп, ҧхынҷкәын 22 рзы аӡбара иаднакыло ақәҵара ҳазыҧшып, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рзы имҩаҧгаз адкылараҿы.

Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла,  лара агәра лгар лҭахуп ари ақәҵара Қырҭтәыла ауааҧсыра ишрыцхраауа абри аҭагылазаашьа алҵраҿы.

Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, атәыла ауааҧсыра аполиаризациа аҵыхәҧҵәареи, амч ҿыцқәеи аперспектива ҿыцқәеи рбареи ауп ирҭаху.

„Ҳҧеиҧш иадҳәаланы Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа инарываргыланы, атәыла аҩныҵҟагьы апроблемақәа убарҭоуп,  изакәызаалак ҵакык змам, абсурдтә проблемақәа. Атәыла ауааҧсыра аполиаризациа аҵыхәҧҵәареи, амч ҿыцқәеи, аперспектива ҿыцқәеи рбареи ауп ирҭаху.  Аха, атәыла анапхгара роума, аоппозициаа роума, уи рҭахым.  Дара макьана рҭыҧқәеи рпартиатә интересқәеи роуп изызхәыцуа.  Аполиаризациа иацхраауа ахадаратә проблемақәа  иреиуп ҧасатәи ахада, Михаил Саакашвили изҵаара, аганқәа зегьы аспекулиациа иаҟәыҵроуп, ҧхынҷкәын 22 рзы аӡбара иаднакыло ақәҵара ҳазыҧшып.  Сара агәра згар сҭахуп   ари ақәҵара Қырҭтәыла ауааҧсыра ишрыцхраауа абри аҭагылазаашьа алҵраҿы. Аполитикатә мчқәа зегьы рыҧхықәрақәеи, атәыла анапхгараҭареи, апроблемақәа рыӡбареи  иазхәыцааит. Европеи, аҭынчреи, мышхәыбзазареи рахь рхы рхазааит, абри ауп атәылеи адунеи 2023 шықәсазы ирзеиҕьасшьо“, – илҳәеит атәыла ахада.