Саломе Зурабишвили Америка ахада иинициативала имҩаҧгаз «Адемократиа асаммит» лхы алалырхәит
«Украина иаҿагыло аибашьра даҽазнык иҳгәаланаршәоит адемократиақәа аҩныҵҟала ишырҕәҕәатәу, дара иаку атәылауаҩратә уаажәларраҟынтә адгылара рымазароуп, жәларбжьаратәи зин апринципқәа рыхьчаразы жәларбжьаратәи аренаҿ рҽеидыркылароуп», – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Америка ахада иинициативала имҩаҧгаз «Адемократиа асаммит» аҿы данықәгылоз.
Зурабишвили ишылҳәаз ала, адемократиеи евроатлантикатә интеграциеи рахь зхы рхоу Қырҭтәыла амҩа альтернатива амам, уи аҭышәынтәалара аиқәыршәаразы ахәдықәҵара заҵәуп.
«Аиашаз, Украина иаҿагыло аибашьра — адемократиеи, ахақәиҭреи, ауаҩы иаҳаҭыри иаҿагыло еибашьроуп. Уи даҽазнык иҳгәаланаршәиот ажәытәӡатә ҧасатәи аимпериалисттә амбициақәа змоу авторитартә режимқәа ирхылҵуа. Уи даҽазнык иҳгәаланаршәоит адемократиақәа аҩныҵҟала ишырҕәҕәатәу, дара иаку атәылауаҩратә уаажәларраҟынтә адгылара рымазароуп, жәларбжьаратәи зин апринципқәа рыхьчаразы жәларбжьаратәи аренаҿ рҽеидыркылароуп», — илҳәеит лара.
Саоме Зурабишвили лажәақәа рыла, агеополитикатә ҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, аҩныҵҟатәи аибарххара шыҟоугьы, Қырҭтәыла, ахадаратә приоритетқәа рганахьала апрогресс амоуп. Аамҭакала, ақырҭуа жәлар, Қарҭ амҩақәа рҿы аспектқәа зегьы рыла атәылауаҩратә зинқәа рырмаҷра иадҳәланы апротест аныҟарҵоз, апрогресс ду роуит, дара лабҿаба аадырҧшит адемократиатә принципқәа ишрызгәуку, абри ауп евроинтеграциа апроцессаҿ ҳтәыла гәызҭаҵагас иамоу.
«Адемократиеи евроатлантикатә интеграциеи рахь зхы рхоу Қырҭтәыла амҩа альтернатива амам, уи аҭышәынтәалара аиқәыршәаразы ахәдықәҵара заҵәуп. Сара Қырҭтәыла ала иҟаҵаз ақәыргәыҕрақәа еиҭасҳәар сҭахуп, ҳара адемократиа ҕәҕәа ҳаргылоит, иаҳа иҭышәынтәалоу адемократиатә дунеи аргылараҿы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа зегьы аус рыцура ҳазыхиоуп, абри аҩыза адунеиаҿ Қырҭтәыла, игәрагоу апартниор ҳасабала, ахатә ҭыҧ ааннакылоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.