Саломе Зурабишвили  алхрақәа рҽалалырхәыр ҟалап
Саломе Зурабишвили  алхрақәа рҽалалырхәыр ҟалап

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили алхрақәа рҽалалырхәыр ҟалап. Лара ари аҳәамҭа ҟалҵеит «Арадио Ахақәиҭра» прагатәи абиуро аинтервиу аналҭоз.

Ажурналист длазҵааит  2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рҽалахәра лгәы иҭоума ҳәа. Саломе Зурабишвили абас аҭак ҟалҵеит: «Сара атәыла ахада соуп, смандат аҿҳәара нҵәоит апарламенттә алхрақәа рышьҭахь. Апарламент ҿыц алахәылацәа атәыла ахада ҿыц далырхуеит.  Сара смандат аҵыхәанӡа анагареи сроль анагӡареи ауп хықәкыс исымоу.  Атәыла ахада атәылаҿ аконсенсус аиҿкаара иҽазикроуп. Аха, алхрақәа рышықәс азы уи мариам. Алхрақәа рымшала аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ауеит. Аха, Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара иазҿлымҳау аполитикатә мчқәа рыдгылара иаҳа аҵакы амоуп».

Европатәи амҩаҿ Қырҭтәыла ақәҿиара аиурц азыҳәан апартиа аҧҵареи алхрақәа рҽалархәреи алшара дахәаҧшуама ҳәа длазҵааит. Саломе Зурабишвли абас аҭак ҟалҵеит: «Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ҳаналацәажәо алшарақәа зегьы срыхәаҧшуеит».