Саломе Зурабишвили – Аиҩызарала иаҳзыҟоу атәыла анапхгара, иҳәатәу иааҧҵәаны иҳарҳәар рылшоит, аха ҳамгәаароуп, шәааи анализ ҟаҳҵап, иҟалаз зыҟалаз еилҳаргап, адунеи зегьы идҳарбап ҳара даҽа ахәшьарак шҳахәҭоу
«Қырҭтәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу ахаҿқәа ртәылақәа реиқәыҧхьаӡа алалара сеигәырҕьом, уи сзеигәырҕьомызт, избанзар, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла арепутациа ҳаиҷаҳароуп ҳәа сгәы иаанагоит», – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили абрифинг аҿы.
Атәыла ахада ишылҳәаз ала, ари аӡбара ҧшьҩызаҵәык авизатә аҧкрақәа рзышьақәыргылара иазкуп, аха, уезгьы, атәыла аимиџь азарал аиуит.
Иара убас, Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, ҳара адунеи зегьы идҳарбароуп даҽа ахәшьарак шҳахәҭоу.
«Ишыжәдыруа ала, иахьа сара Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан сылҧыланы, сцәаныррақәа ласҳәеит. Қырҭтәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу ахаҿқәа ртәылақәа реиқәыҧхьаӡа алалара сеигәырҕьом, уи сзеигәырҕьомызт, избанзар, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла арепутациа ҳаиҷаҳароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ацҳаражәҳәаҩ лхаҭа ишылҳәаз ала, ари аӡбара ҧшьҩызаҵәык авизатә аҧкрақәа рзышьақәыргылара иазкуп, аха, уезгьы, ҳтәыла аимиџь азарал аиуит. Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ибзиаӡаны еилыркаауеит арҭ ауаа ибжьысу аӡбаратә система аҧҵаразы аҭак шрыҧхықәу. Ҳара ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит аӡбаратә система аиҕьтәразы иҟаҵатәыз. Иара убас, ҳауааҧсыра иҟаҵамызгьы рдыруеит, изыҟаҵамызгьы рдыруеит. Убри азоуп ҳара ҳазынтәгьы аӡбаратә реформа ахымҧадара ҳзалацәажәо, уи ҳзадгыло. Иара убас, ҳара иазхаҳҵоит ихьыҧшым аӡбаратә система шырҕәҕәатәу, ари асистемаҿы намысла аус зуша апрофессионалцәа рыҟазаара шхымҧадоу. Еврокомиссиантә иҳауз 12 абжьагарақәа абри ауп изызку. Аиҩызарала иаҳзыҟоу атәыла анапхгара, иҳәатәу иааҧҵәаны иҳарҳәар рылшоит, аха ҳамгәаароуп, шәааи анализ ҟаҳҵап, иҟалаз зыҟалаз еилҳаргап, адунеи зегьы идҳарбап ҳара даҽа ахәшьарак шҳахәҭоу, ҳара ҳхықәкы наҳагӡоит, анеҩс, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит“, — илҳәеит Саломе Зурабишвили.