Саломе Зурабишвили – Аҳәаанырцә иҟоу ақырҭуаа аелектронтә формала алхрақәа рылахәызаара алшара рыҭатәуп
«Иахьа адиаспора даҽа ҭагылазаашьак рымоуп, иаҳа аҧсадгьыл иадҳәалоуп, ҳаҧхьаҟа ари аганахьала ҭагылазаашьа иаҳа еиҕьхап ҳәа сгәыҕуеит, атәыла хәыҷы азы уи иаҵанакәа рацәоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили афорум «Ақырҭуа диаспора Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы» аҿы данықәгылоз.
Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, ақырҭуа диаспора атәыла аполитикатә ҧсҭазаара иаҳа активла иалахәызароуп, апарламент алахәызаара алшара рыҭатәуп.
Ахада ишазгәалҭаз ала, аҳәаанырцә инхо ақырҭуаа алхрақәа ирылахәызароуп.
«Миллионҩык иреиҳаны ҳтәылауаа аҳәаанырцә иҟоуп, урҭ рҟынтә зқьҩык мацара алхрақәа рылахәызаара алшара рымоуп. Иахьа аелектронтә формала алхрақәа рылахәызаара ҟалоит. Ҳтәылаҿы ари алшара ҳхы иаҳархәароуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.