Саломе Самадашвили  - Сажәақәа ишәхашәмыршҭын, адәахьы иаҳа ирацәаны ауаа дәылҵуеит, Қырҭтәыла амҩақәа рҿы ҳтәылауаа еизоит
Саломе Самадашвили - Сажәақәа ишәхашәмыршҭын, адәахьы иаҳа ирацәаны ауаа дәылҵуеит, Қырҭтәыла амҩақәа рҿы ҳтәылауаа еизоит

Ажәлар иалыхроуп, Евроеидгылеи Европеи иалырхуа аурыс аолигарх ирежими инапхгареи иалырхуа. Аолигарх ихьчаразы атәылаҿ азинтә кыдцалара шәаламгар шәара шәзы еиӷьхоит, – илҳәеит аоппозициаа рдепутат Саломе Самадашвили апарламент аплнартә аилатәара аҿы.

Адепутат лажәақәа рыла, абри еиԥш аԥшьгарақәа зегыь иалагаз апроцессқәа рырццакра ацхраауеит.

“Ақырҭуа гәахәтәы” аҟынтә ҳтәылаҿ адемократиатә қәыԥшылара иҳәаақәнаҵо ашьаҿа цыԥхьаӡа, зымҽхак ҭбаау акциа иахылҵуеит. Убри аҟынтә наҟ-наҟтәи ашьаҿақәа ибзаиӡаны шәрызхәыцроуп”, – илҳәеит Самадашвили.

Адепутат ишылҳәаз, зықьҩыла астудентцәа рашәара 20 рзы имҩаԥгаз акциахь рԥеиԥш ахьчаразы неит.

„Сажәақәа ишәхашәмыршҭын, адәахьы иаҳа ирацәаны ауаа дәылҵуеит, Қырҭтәыла амҩақәа рҿы ҳтәылауаа еизоит“, – илҳәеит Самадашвили.