"Русҭави 2" аус азы Ника Гварамиа хышықәсеи фымзи аҭакра иқәҵан
"Русҭави 2" аус азы Ника Гварамиа хышықәсеи фымзи аҭакра иқәҵан

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа “Русҭави 2” аус азы Ника Гварамиеи, Каха Дамениеи Зураби Иашвилии рус азы аӡбара аднакылеит.

Аҿбарҭа аӡбара ала, Ника Гварамиа хышықәсеи фымзи аҭакра иқәҵан, уи аӡбарҭа ауадаҿ даанкылан.

Аӡбаҩ иӡбара инақәыршәаны, Зураб Иашвили ахара иқәхын.

Қырҭтәыла ашьауӷа зин 220-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, Кахабер Дамениа 50 000 нызқь лари ашәара иқәырҵеит.

Апрокуратура хаҭарнакцәа “Русҭави 2” аус азы Ника Гварамиеи, ателееилахәыра ԥасатәи афинанстә директор Каха Дамениеи, “Интер медиа плиус” адиректор Зураб Иашвилии 2020 шықәса цәыббра 6 рзы ахара рықәырҵеит.