"Роитер" - ЕАШ вице-ахадацәа ркандидатцәас Камала Ҳаррис Џьош Шапирои Тим Уолци иқәлыргылеит
"Роитер" - ЕАШ вице-ахадацәа ркандидатцәас Камала Ҳаррис Џьош Шапирои Тим Уолци иқәлыргылеит

“Роитер” аинформациа ала,  ЕАШ вице-ахадацәа ркандидатцәас Камала Ҳаррис Пенсильваниатәи агубернатор Џьош Шапирои  Миннесотатәи агубернатор Тим Уолци иқәлыргылеит.

Аих ишаарацҳаз ала, Камала Ҳаррис лыӡбара иазкны аҳәамҭа аҩашаҽны, Филадельфиаҿ актәи лықәгылараҿ ҟалҵоит.

Макьана идырым вице-ахадацәа ирызкны аӡбара иԥсаххо имԥсаххо. Шапирои Уолци рыда акандидатцәа рсиа иалан асенатор Марк Келли, Кентуктәи агубернатор Енди Бешиари, Иллиноистәи агубернатор Џьеи Би Прицкери.