Роберта Метсола - Европарламент алахәылацәа аханатәгьы иӡбаны ирыман атәылақәа рыхҧагьы акандидат астатус ранашьара, уи Евроеидгыла ахеилак иахьатәи аӡбара ианыҧшуеит
Роберта Метсола - Европарламент алахәылацәа аханатәгьы иӡбаны ирыман атәылақәа рыхҧагьы акандидат астатус ранашьара, уи Евроеидгыла ахеилак иахьатәи аӡбара ианыҧшуеит

«Европарламент алахәылацәа аханатәгьы иӡбаны ирыман атәылақәа рыхҧагьы акандидат астатус ранашьара, уи Евроеидгыла ахеилак иахьатәи аӡбара ианыҧшуеит», — илҳәеит Европарламент ахантәаҩы Роберта Метсола  Брюссель ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы сара ақырҭуаа рацәа срацәажәеит. Ахеилак аихшьаала Қырҭтәыла амҩа ҿыц азаанартуеит.  Европарламент алахәылацәа аханатәгьы иӡбаны ирыман атәылақәа рыхҧахьа акандидат астатус ранашьара, уи Евроеидгыла ахеилак иахьатәи аӡбара ианыҧшуеит. Иахьатәи амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп, избанзар ҳконтинент аҿы аибашьра мҩаҧысуеит, Украинеи Молдовеи акандидат астатус роуп ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит  Роберта Метсола.