Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит
Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит

НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит, – Словакиа аҧыза-министр Роберт Фицо ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыреи Ашәарҭадара ахеилаки реилатәара ашьҭахь.

Словакиа аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Братислава Украинаҿ словакиатәи аруаа рыҟазаара ашьақәырҕәҕәара иазку ажәалагала ахаангьы иҟанаҵом.

Роберт Фицо иажәақәа рыла, тәылақәак, дареи Украинеи реиқәшаҳаҭра ашьҭахь, НАТО аруаа Украина иалалар ауеит ҳәа ргәы иаанагозар ҟалап, аха, дара Украинаҿ ҳасабтәс инарыгӡо еилкаам, избанзар, аматериалқәа имаӡоуп.

„Словакиантә аруаҩкгьы Украинаҟа дцом“, – иҳәеит Роберт Фицо.