Римтәи папа Франциск Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи Илиа аҩбатәи иинтронизациа 45 шықәса ҵреи 90 шықәса ихыҵреи идиныҳәалоит.
“Қырҭтәыла аиашахаҵаратә ныха анапхгаҩы иинтронизациа 45 шықәса ҵреи 90 шықәса ихыҵреи гәык-ԥсык ала идысныҳәалоит, Анцәа сиҳәоит агәамчи адоуҳамчи аихьӡарақәеи.
Қьырса исахьа аԥшаара анагӡара шәылшарц азы, ҳара Иаҳхылаԥшу, ҳаб сиҳәоит амч шәиҭарц.
Сара ҷыдалатәи пату ақәыҵоит шәара иаԥышәҵаз амузикатә композициақәа, урҭ лассы-ласы сырзыӡырҩуеит аныҳәаразы аҽазыҟаҵара санаҿу аамҭазы. Урҭ сара сзы ахә ду рымоуп!
Ҳаҭыр зқәу сашьа, Анцәа иан дышәхылаԥшырц сныҳәоит, аҭынчра ишәзеиӷьасшьоит, сшәыҳәоит шәныҳәарақәа раан сара сыӡбахәгьы шәҳәарц”, – иануп Римтәи папа Франциск ицҳамҭаҟны.