Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Кобахиӡе алхрақәа рҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира идиныҳәалеит
Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Кобахиӡе алхрақәа рҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира идиныҳәалеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе алхрақәа рҿы апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира идиныҳәалеит.

Реџьеп Таип Ердоҕан ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аазырҧшыз алхрақәа ҭынч, ишәарҭам алагылазаараҿы имҩаҧган.

«Шәара шәнапхгараҵаҟа иҟоу апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхарақәа рҿы аиааира адысныҳәалоит. Алхрақәа рылҵшәақәа Қырҭтәыла ауааҧсыреи ҳрегиони ақәҿиара ду азааргап ҳәа сгәыҕуеит. Ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аазырҧшыз алхрақәа ҭынч, ишәарҭам алагылазаараҿы имҩаҧган. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, даҽазнык агәабзиареи агәырҕьареи  шәзеиҕьасшьар сҭахуп, аиҩызаратә Қырҭтәыла ауааҧсыра – мышхәыбзазареи аразҟы бзиеи», — иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла ахада.