Реџьеп Таип Ердоҕан - Ақырҭуа ҳашьцәа ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит зҭыҧ иқәҵам аимак изакәытә уадаҩрақәоу иахылҵуа, дара уи рхыргеит, ари апроцесс иахьанӡагьы инагӡоит
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Анталиа имҩаҧысуа Адипломатиатә форум аартраҿы данықәгылоз, Қырҭтәыла – Урыстәылатәи аимакгьы дазааҭгылеит.
«Абри афорум иалахәы азербаиџьантәи, ақырҭуеи, аукраинатәи ҳашьцәа зҭыҧ иқәҵам аимакқәа ирхылҵыз ауадаҩрақәа рхыргеит. Ари апроцесс иахьанӡагьы инагӡоит. Ҳаргьы, Аҩадатәи Кипр амшала, абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа ҳҭагылоуп», — иҳәеит Ердоҕан, арегион аҿы аҭынчра аҵакы иазгәаҭаны.
Анталиа имҩаҧысуа Адипломатиатә форум далахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусбарҭа анапхгаҩы ихы алаирхәоит аусура сессиа «Аахыҵ Кавказ: арегионалтә ҭынчреи аусеицуреи азы алшара ҿыцқәа». Ауснагӡатә аҿы иара арегион аҿгьы Қырҭтәылагьы иҟоу апроблемақәеи алшарақәеи дрылацәажәоит.