Реџьеп Таип Ердоӷан -Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара ашьҭахь, Нато ашьаҿа хада ҟанаҵар акәын
Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара ашьҭахь, Нато ашьаҿа хада ҟанаҵар акәын,- иҳәеит Ҭырқәытәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан. Ари атәы аарыцҳаит ҭырқәтәылатәи аих.
Реџьеп Таип Ердоӷан иажәақәа рыла, Нато аҿы Анкара апозициа ирдыруеит, уи алианс анапхгаҩы Столтенберг диацәажәеит.
“Уажәы Евроеидгылеи мраҭашәаратәи аменталитет змоу актиорцәеи рпозициа ӷәӷәа аадмырԥшит, урҭ Украина абжьагарақәа мацара арҭоит,” – иҳәеит Ердоӷан.