Реџьеп Таип Ердоӷан Украинеи Урыстәылеи рхадацәа ҭелла драцәажәоит
Реџьеп Таип Ердоӷан Украинеи Урыстәылеи рхадацәа ҭелла драцәажәоит

Ажьырныҳәа 4 рзы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Украинеи Урыстәылеи рхадацәа ҭелла драцәажәоит. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла ахада ибжьагаҩ Ибраҳим Калин.

Калим имҳәаӡеит Ердоӷани Владимир Зеленскии Владимир Путини рҟны аиҿцәажәара атема иарбану.

Реџьеп Таип Ердоӷани Зеленскии аҵыхәтәантәи реиҿцәажәара ԥхынҷкәын 11 рзы мҩаԥган. Усҟан алидерцәа арыц акризис иахцәажәеит. Иара убас Реџьеп Таип Ердоӷани Путини аҵыхәтәантәи реиҿцәажәарагьы ԥхынҷкәын 11 рзы мҩаԥган.