Реџьеп Таип Ердоӷан иажәақәа рыла, ачарыц иазку аиқәшаҳаҭра аиҭашьақәыргылара мраҭашәара аусзура иахьыԥшуп
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан иажәақәа рыла, ачарыц иазку аиқәшаҳаҭра аиҭашьақәыргылара мраҭашәара аусзура иахьыԥшуп.
Ердоӷан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Амшын Еиқәа ачарыц азы акоридор аусзура аиҭашьақәыргылара алшахоит мраҭашәара ахыдҵақәа нанагӡар.
Ҭырқәтәыла ахада ари аҳәамҭа Анкара, адипломатцәа реиԥылараҿ ҟаиҵеит. Ердоӷан “Амшын Еиқәа ачарыц иазкыз аԥшьгара ахымца аанкылери кыраамҭатәи аҭынчреи рзы ахархәара ахьалымшаз” азы мраҭашәара акритика азиуит.,