"Реитер" - Владимир Путин "Вагнер" аибашьцәа адҵа риҭеит аҧсадгьыл азгәыкра аҭоуба рнапы аҵарҩырц
Урыстәыла ахада Владимир Путин “Вагнер” аибашьцәа адҵа риҭеит аҧсадгьыл азгәыкра аҭоуба рнапы аҵарҩырц. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра «Реитер».
Кремль асаитаҿ икьыҧхьу Путин идҵа инақәыршәаны, арратә маҵзуҩцәа рыдҵала Украина аус зуа аибашьцәа зегьы хымҧада Урыстәыла азгәыкра аҭоуба рнапы аҵарҩыроуп.
Путин «Вагнер» аибашьцәеи егьырҭ хазхаҭалатәи арратә еилахәырақәеи рзы абри адҵа ҟаиҵеит зыӡбахәы ҳәоу агәыҧқәа аҳәынҭқарра ахылаҧшра аҵаҟа иҟазаарц азыҳәан.
Ишыжәдыруа еиҧш, мышәқак раҧхьа Твертәи атәылаҿацәаҿ авиаамашәыр ҟалеит. Икаҳаз аҳаиплан иақәтәаз апассаџьырцәа зегьы ҭахеит. Росавиациаҿы ишьақәдырҕәҕәеит апассаџьырцәа рыгәҭа дшыҟаз хазхаҭалатәи арратә еилахәыра «Вагнер» ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин.