Регби азы адунеи ачемпионат - Актәи аканал аҿы
Регби азы адунеи ачемпионат - Актәи аканал аҿы

2023 шықәсазы Франциа имҩаԥысран иҟоу Регби азы адунеи ачемпионат арбара аексклиузивтә зин Актәи аканала иуит.

“2023 шықәсазы Франциа имҩаԥысран иҟоу Регби азы адунеи ачемпионат арбара аексклиузивтә зин Актәи аканала иуит, ахәаԥшцәа ахәмаррақәа рбара ателеефири иҿыцу BVOD (Broadcaster video on demand) аплатформеи рҿы ирылшоит. Уажәы ахәаԥшцәа ирыдаагалоит ашьапылампыл аӡы аҳәса рчемпионат атранслиациа. Иара убас ахәаԥшцәа ирыдаагалоит амҵәышәмпыл азы Қырҭтәыла амилаҭә аизга аҩызаратә матч. Нанҳәа 25 инаркн ҳефир ахь иҭыҵуеит 2023 шықәсатәи адунеи ачемпионат, цәыббра инаркны – “Регби азы адунеи ачемпионат”, – илҳәеит Актәиаканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Регби азы ачемпионат 2023 шықәса цәыббра 8 инаркны жьҭаара 28-нӡа нагӡоит. Ачемпионат мҩаԥысуеит Франциа жәқалақьк рҿы.