Рати Брегаӡе - Польшатәи аҳақьым шьақәирӷәӷәеит Саакашвили ибиоматериал маӡаала агара шиҭахыз
Рати Брегаӡе - Польшатәи аҳақьым шьақәирӷәӷәеит Саакашвили ибиоматериал маӡаала агара шиҭахыз

Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, польшатәи аҳақьым шьақәирӷәӷәеит Саакашвили ибиоматериал маӡаала агара шиҭахыз.

Рати Брегаӡе асоциалтә каҭаҿы алаирҵәаз аҳәамҭаҿ ааԥхьара ҟаиҵоит аповокациатә ҳәамҭақәа ҟарымҵарц, ауааԥсыра рымжьарц.

„Абаандаҩы Саакашвили иҭааз атәымтә ҳақьымцәа рҽалархәрала аҭыԥ змаз аинцидент армариарала аинтерес змоу амчқәа ауааԥсыра ржьара ргәы иҭоуп.

Аҳақьымцәа аофициалла абиоматериал роуит, аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь руӡәы маӡала, абиоматериал иеимаа шьҭаҵаны агара иҭаххеит.

Ауааԥсыра ииашоу адыррақәа рымазарц азы, иацҵаны ишәасҳәоит, польшатәи аҳақьым шьақәирӷәӷәеит Саакашвили ибиоматериал маӡаала агара шиҭахыз,” – июит Аиустициа аминистр.

Ԥхынгәы 14 рзы Апенитенциартә маҵзура ҷыда Михеил Саакашвили иҟны польшатәи аҳақьымцәа рвизит иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, авизит аан аҭыԥ аман аинцидентк –  польшатәи ҳақьымк Михеил Саакашвили иҟынтә иигаз аиуа ақьаад алаиҳәан, иеимаа иҭаҵаны маӡала уи агара иҭахын.