Урыстәыла Днепропетровск иазымҩаԥнагаз ажәылараа иҭахаз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 16-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ахәрақәа роуит 170-ҩык иреиҳаны. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара иҵегьы иазҳар ҟалоит.
Рашәара 25 – Днепропетровск алахьеиқәҵага мшуп.
Ажәылараан аԥхасҭа роуит: ашколқәа 19, ахәыҷбаҳчақәа 10, азеиԥшнхарҭа, агимназиа, административтә хыбра, ахәшәтәырҭақәа 8, аполиклиника.
Ажәылараан аԥхасҭа аиуит Одесса-Запорожие ахырхарҭала еиҭаҵуаз адәыӷба.