Раса Иукнавичене - Қырҭтәыла адебиӡинизациа - ҳҧеиҧши ҳшәарҭадареи иалаҵоу аинвестициоуп
Қырҭтәыла — ҳконтинентаҿ ажәытәӡатә ақьырсиантә тәылоуп. Уажәы ҳара европатәи Қырҭтәыла ацәыӡреи кремльтәи Қырҭтәыла ацәырҵреи ашәарҭара ҳҭагылоуп», — илҳәеит Европарламент адепутат Раса Иукнавичене Валенсиа имҩаҧысуаз Европа жәлар рпартиа аизараду аҿы.
Иукнавичене лҳәамҭала, «Европа аҧеиҧш иаргәамҵуа атәылақәа зегьы Иванишвилии алхрақәа рҧаршеиреи арепрессиақәеи рзы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәеи асанкциақәа рзышьақәдыргылароуп».
«Иванишвили инапхгараан, Қырҭтәыла акыршықәса рыҩныҵҟа Евроеидгыла иацәыхарахон, аха, аҵыхәәтантәи апарламентәт алхрақәа рышьҭахь Қырҭәтыла акаҳара иалагеит. Иџьбароу арепрессиақәа, амчылара, абаандаҩтәрақәа — абри зегьы Кремль асценари ала имҩаҧысуеит. Ҧаса Европазы игәрагаз апартниор уажәы Путин иҳәатәы иацныҟәоит.
Уи ахақәиҭра бзиа избо ақырҭуаа мацара ракәымкәа, ҳара ҳзгьы ацәыӡ дууп, Амшын еиқәа арегионаҿ иҟоу, Европа ашәарҭадаразы зҵакы дуу астратегиатә адгылаҩ даҳцәыӡуеит. Қырҭтәыла уажәтәи арежим лабҿаба иаанарҧшуеит Кремль аҳәынҭқарра аҩныҵҟала амчра ампыҵахалара шалшо. Ари аинфекциа аанаҳамкылар, Евроеидгыла егьырҭ атәылақәа рҿгьы абасҵәҟьа иҟалоит. Қырҭтәыла адебиӡинизациа – ҳҧеиҧши ҳшәарҭадареи иалаҵоу аинвестициоуп. Европа аҧеиҧш иаргәамҵуа атәылақәа зегьы Иванишвилии алхрақәа рҧаршеиреи арепрессиақәеи рзы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәеи асанкциақәа рзышьақәдыргылароуп», — илҳәеит Раса Иукнавичене.