Раԥхьаӡа  аԥҳәыс-хадас дҟалеит Перу
Раԥхьаӡа аԥҳәыс-хадас дҟалеит Перу

Раԥхьаӡа акәны Перу аԥҳәыс-хада дахагылоит. ВВС аинформациала, уаанҿа вице-ахада иҭыԥ аанызкылоз Дина Болуарте, аҭоуба шьҭалҵахьеит.

Пасатәи ахада Педро Кастильо даанкылоуп. Уи аимпичмент ашьҭахь инапынҵақәа шьҭеиҵеит, уаанӡа, ԥхынҷкәын 7 рзы уи атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда рылеиҳәан, аоппозициатә аиҳарала ишьақәгылоу апарламент аимырпреи аконгресс “Аиҳабыра ҷыда”ала аԥсахра иақәикит.

Ари згәамԥхаз аминистрцәа ркабинет алахәылацәак рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Аконституциатә аӡбарҭа ахада аҳәынҭҟарратә аарҳәра ихаранаҵеит. Адепутатцәа асессиа ҷыда мҩаԥырган, 101 бжь рыла Кастильо иимпичмент иаакзыз аӡбара рыдыркылан, ачарҳәара ихараиҵан, дааныркылеит.