Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирыдҳәаланы, Страсбург, Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада 34-тәи иконсолидациатә ажәахә иахәаҧшит

18:59, 18.11.2026

Европа Ахеилак Аминистрцәа ркомитет  1575-тәи аилатәараҿы Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада иажәахә  «Қырҭтәыла иҟоу аимак» иалацәажәеит. Аилатәраа ихы алаирхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, ажәахә даҧхьеит Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  Ален Берсе.  Адокумент аҿы иарбоуп Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы  2026 шықәса мшаҧы инаркны цәыббранӡа иҟалаз ахҭысқәа.

«Аилатәараҿы данықәгылоз, Лаша Дарсалиа Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада ари ажәахә армазеиразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак иадҳәалоу азҵаарақәа Европа Ахеилак аусхәаҧштә аҿы рааныжьра ахымҧадара.

Аминистр лхаҭыҧуаҩ аилатәара алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит импыҵахалоу арегионқәа рҿы ихьанҭаӡоу ашәарҭадаратәи агуманитартәи ҭагылазаашьеи, ауаҩы изинқәа реилагара афактқәеи,  ампыҵахаларатә режим азакәандаратә ауранагӡареи ирызкны. Ҷыдала иазгәаҭан ахҵәацәа рыҩныҟақәа рахь рыхынҳәра ахымҧадара.

Аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Урыстәыла амца аанкылара иазкны 2008 шықәсазы аганкқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра шынанамгӡо.

Иара убас, Лаша Дарсалиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҵакы азгәаҭаны, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара ишазыразу.

Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара ҕәҕәа азаарҧшны, ишьақәирҕәҕәеит Европа Ахеилак, ахатә мандат аҳәаақәа ирҭагӡаны, аконсолидациатә ажәахәқәа рырмазеира шынанагӡо», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Еиԥшу