Михаил Сарџьвелаӡе – Ҧониҷала анхарҭатә корпус аҿы иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз ҧшьҩык ахәышәтәырҭашҟа инагоуп, урҭ руаӡәы дхәыҷуп
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, Ҧониҷала анхарҭатә корпус аҿы иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз ҧшьҩык ахәышәтәырҭашҟа инагоуп, урҭ руаӡәы дхәыҷуп.
Сарџьвелаӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, аҭыҧаҿ амедицинатә цхыраара лас абригадақәа аус руеит.
„ Аҧжәараан аахақәа зауз ҧшьҩык ахәышәтәырҭашҟа инагоуп, урҭ руаӡәы дхәыҷуп. Ахәыҷы хшыҩзышьҭра ҷыда изуп. Агәабзиара аганахьала апроблемақәа змоу ауаа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа амедицинатә цхыраара роуит“,- иҳәеит Сарџьвелаӡе.
Уааҵәҟьа иҟоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулхан Ҭамазашвилии Қарҭ ахада Каха Калаӡеи.
Иахьа шьыжьымҭан, Ҧониҷала, анхарҭатә корпус аҿы аҧжәара ҟалеит.
Ари афакт иазкны аофициалтә информациа макьана иҟам.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҧжәара ҟалеит аҧсабаратә газ ацәцара амшала.