Астатистикатә маҵзура – 2026 шықәса ажьырныҳәа-жьҭааразы Қырҭтәыла адәныҟатәи ахәаахәҭратә аикәшара азҳаит 9,6%-ла

11:42, 19.11.2026

Қырҭтәыла Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2026 шықәса ажьырныҳәа-жьҭааразы Қырҭтәыла адәныҟтәи ахәаахәҭратә аикәшара  23 076,1 млн адоллар иаҟаран, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  9,6%-ла еиҳауп.

Астатистикатә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, аекспорт  17,9%-ла иазҳаит, аимпорт —  6,4%-ла.

Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, Қырҭтәыла идуӡӡоу ахәаахәҭратә партниорцәан  Ҭырқәтәылеи, Америкеи, Китаии, Урыстәылеи.

Қырҭтәыла Астатистикатә маҵзура адыррақәа рыла, аекспорт аганахьала аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа  —   25,0% аекспорт зегьы аҟынтә. Аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп анефҭи анефҭаалыҵи, ахҧатәи аҿы  — амаденқәеи зыхә дуу аметаллқәа рконцентратқәеи.

Еиԥшу