Китаи Дональд Трампи Владимир Путини реиҧылара мҩаҧысуеит

10:52, 19.11.2026

Шеньчжен,  Азиа-Аокеанҭынчтәи аекономикатә усеицура асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ишиашо аформатаҿ, Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара мҩаҧысуеит.

Дональд Трамп аиҧыларашҟа даннеи, Путин сҩыза иоуп ҳәа иҳәеит.

«Ари аиҧыларантә ҳаззыҧшу рацәоуп. Акыршықәса ирылагӡаны аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Ҳаибадыруеижьҭеи кырҵуеит, убри аҟынтә, аус бзиақәа ҟаҳҵар ма ҳрылагар  ҳалшоит.  Зегьы рыла ҳманшәалахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ишыжәдыруа еиҧш, ҧыҭраамҭак ашьҭахь  даҽа аиҧыларакгьы мҩаҧаагоит, аха, уажәы, ари аиҧылара ҳамоуп, уи ссирхоит», — иҳәеит  Дональд Трамп аиҧылара иалагаанӡа.

Дональд Трампи Владимир Путини иарку аформатаҿ еиҧылоит. Аиҧыларанӡа Владимир Путин ажурналистцәа дырмацәажәеит.

Ассамит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Си Ӡиньпини, Дональд Трампи, Владимир Путини х-ганктәи реиҧыларагьы мҩаҧысуеит. Уаанӡа, Китаи ахада, америкатәи урыстәылатәи алидерцәа хаз-хазы дырҧылоит.

 

Еиԥшу