Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа

17:39, 07.10.2026

Асоциалтә аҳаҿы  Қырҭәтыла Актәи аканал архив иазкны хықәкыла ауаа ржьара иазку ииашам аинформациа аларҵәара аиуит. Ҳара, аҭакҧхықәра наӡа ҳхы иадҵаны, аргама иаҳҳәар ҳҭахуп  ҳтәыла аҭоурыхи акультуреи аазырҧшуа ақырҭуа ателевизиатә ҭынха  ишыхьчоу, аларҵәара зауз афотоҭыхымҭақәа Актәи аканал архивтә ашьҭаҵарҭақәа шаадмырҧшуа.

Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит Актәи аканал архиваҿ Қырҭтәыла абжьи ахаҿсахьеи шыхьчо: здунеи зыҧсаххьоу ауаа, атәыла зыҧсахыз ахҭысқәа, абиҧарақәа злааӡаз аҟазара. Ари аҭынха ҳара ҳҟынӡа иааит ауаа рацәа рџьабаа ду абзоурала, убри аҟынтә, ажәлар рахь ҳхы рханы иаҳҳәар ҳҭахуп: ақырҭуа ателевизиатә ҭынха ихьчоуп, ҳара аҭакҧхықәра наша ҳды иадаҳҵеит ари аҭынха зегьы игыло абиҧарақәа рыҭаразы.

Абри аҭакҧхықәра анагӡаразы имҩаҧган акыраамҭалатәи, иуадаҩӡоу, зҵакы дуу аусура, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу апроект мҩаҧган: Актәи аканал архив ахыбра ҿыц аҿы ишьҭаҵан, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыла еибыҭоу ашьҭаҵарҭақәа рҿы, насгьы, ақырҭуа акинематографиатә ҭынха хәҭак Қырҭәтыла амилаҭтә архиы иаҭан.

Ҳазлацәажәо алҵшәа акыраамҭалатәи иуадаҩӡоу апроцесс ахылҵит. Амилаҭтә архив ҳацырхрааны, ҳара аматериалқәа еилыхны, аизакхьӡынҵара ҟаҵаны, адокументқәа зегьыь атехникатә ганахьала аус рыдырулеит, анеҩс, иашьашәалоу ашьҭаҵарҭақәа рахь ииаргеит.  Ари аус назыгӡаз аспециалистцәа имцырку ахарадҵарақәа рыдҵара ииашам, аҭакҧхықәрадатә хымҩаҧгашьоуп.

Ажәытә хыбраҿ иаанхаз аматериалқәа уанрыхәаҧшуа, урҭ рфотоҭыхымҭақәа Актәи аканал  ахыбра ҿыц архивтә ашьҭаҵарҭа ҿыц аҿы иҟаҵазшәа, ақырҭуа ателевизиатә ҭынха ашәарҭара иҭагылазшәа  угәы иабар ауеит.

Аиашаз, ус акәӡам ишыҟоу.  Ахыбра ҿыцахь аиасра апроцесс аан аусура ду мҩаҧган:  1957 шықәса инаркны  1998 шықәсанӡа ақырҭуа телестудиаҿ иаҧҵаз акиноматериалқәа Амилаҭтә архив иаҭан.

Ажәытә ашьҭаҵарҭантә акәыҕреихагылақәа Қырҭәтыла Амилаҭтә архив иаҭан зыӡбахәы ҳәоу аматериалқәа рышьҭаҵаразы, урҭ аметаллолом иарҭазшәа аларҵәара зауз аинформациа мцуп.

Иара убас, ҳуааҧсыра идҳардырыр ҳҭахуп ажәытә хыбраҿ иаанхаз аматериалқәа ақырҭуа архиытә материалқәа ркатегориа ишаҵанамкәа.

Акиноашьҭаҵарҭаҿ иаанханы иҟан асоветтә республикақәеи атәым тәылақәеи рҿы иҭыхыз афильмқәа ркопиақәа. Ауаажәларратә дырраҭара арҭ афильмқәа аефираҿ роужьҭразы азин амам.

Амилаҭтә архив зыӡбахәы ҳәоу акатегориа аҟынтәи ахьчаразы аднакылеит акиностудиа «Грузиа-фильм» аҿы иҭыхыз 709  афильмқәа ркопиақәа. Амилаҭтә архив егьырҭ аматериаләа заднамкылеит урҭ ртехникатә ҭагылазаашьа амшала. Иҧхасҭаз акиноплионкақәеи аҭрақәеи аилахәыра-аахәаҩ арҭеит аукцион алҵшәақәа ирышьашәаланы.

Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп Костава имҩа  68 аҿы иҟоу ахыбра уажәшьҭа Қырҭәтыла Актәи аканал ишатәым. Афотоҭыхымҭақәа Актәи аканал ашьҭаҵарҭа ҿыцқәеи уаҟа ишьҭоу архиви рыҧшра аадырҧшуам.

Иажәхьоу аматериалқәа ақырҭуа ателевизиатә ҭынха ақәхра ашаҳаҭга аҳасабала рцәыргара  — афактқәа рҧаршеироуп иаанаго. Абри аҩыза аинформациа аларҵәара Ауаажәларратә дырраҭара ахьӡ ланарҟәоит, атәылазы зҵакы дуу архивтә ҭынха ахьчаразы аусура ду мҩаҧызгаз ауаа рџьабаа атәымбароуп иаанаго.

ауаажәларратә дырраҭара ауаҩы цыҧхьаӡа иҿаҧхьа аҳасабырбара иауалуп. Ҳара ари азҵаара иазҿлымҳау ауаа зегьы иашьашәалоу аинформациа рызцәыргара ҳазыхиоуп.

Ииашам аинформациа алазырҵәаз ауаа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит иаарту ақәыҧшылараҿы излацәажәаз ахарадҵарақәа  зыҧшра ҟамҵакәа ириашаны,  иаарту ақәыҧшылараҿы цқьа игәаҭоу аинформациа мацара анырҵарц.

Қырҭтәыла Актәи аканал ахатә аустә репутациеи ари аусура иалахәыз ауааҧсыреи рыхьчара нанагӡоит. Имцырку аинформациа аларҵәара аиур, Ауаажәларратә дырраҭара азакәан ала иазҧхьагәаҭоу азинтә ахьчара амеханизм ахы анархәоит.

Ҳара ҳархив  — ҳгәынкылара ауп. Ауааҧсыра, аиаша ашьаҭала,  ҳархив аиқәырхара иазкыз аџьабаа ду ахә ршьароуп.

 

Еиԥшу