Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи 20 шықәсанӡа зхыҵуа аҿар Адунеи ачемпионат -2029 амҩаҧгаразы аҭахҳәага еицаларҵеит #1TVSPORT
Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ршьапылампылтә федерациақәа 2029 шықәсазы 20 шықәсанӡа зхыҵуа аҿар рыгәҭа Адунеи ачемпионат амҩаҧгаразы аҭахҳәага еицаларҵеит.
Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ршьапылампылтә федерациақәа рхадацәа Леван Кобиашвилии Армен Меликбекиани Ереван еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы. Аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицуа амеморандум рыбжьарҵеит.
«Ҳара ҳаиҩызцәоуп, ҳаигәылацәоуп, ҳтәылақәа ашьапылампылтә аҭоурых ду рымоуп. Ҳара 2029 шықәсазы адунеи ачемпионат амҩаҧгаразы аҭахҳәага еицыҟаҳҵарц ҳаӡбеит.
Ари апроект аҵакы ду амоуп. Хара имгакәа аофициалтә аҳәамҭа ҟаҳҵоит», — иҳәеит Леван Кобиашвили.