Қырҭтәыла категориақәак ирыҵнакәа ауааҧсыра аковид-вакцина аҧшьбатәи адоза ҟарҵар рылшоит
Категориақәак ирыҵанакәа ауааҧсыра иахьа инаркны иацҵаны абустертә — аҧшьбатәи адоза ҟарҵар рылшоит. Агәабзиарахьчара аминистр идҵа амч аиуит.
Аҩбатәи абустертә доза ҟарҵар рылшоит:
50 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра зегьы. Абжьагара ҷыда ҟаҵоуп зиммунитет маҷу, ачымазара лаҽқәа змоу, кыраамҭалатәи ахылаҧшратә усбарҭақәа рҿы инхо ауааҧсыреи, иара убас, аиммунодефицити ачымазара лаҽқәеи змоу 12-49 шықәса зхыҵуа ауааҧсыреи.
Иара убас, авакцина аҧшьбатәи адоза ҟарҵар рылшоит амедицинатә усбарҭақәа русзуҩцәагьы.
Аҩбатәи абустертә доза ҟарҵар рылшоит аҳәаанырцә аҵара зҵо, зҽызыхәшәтәуа, ма ныҟәара идәықәло 18-49 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра, иахьдәықәло атәыла аҧҟарақәа инрықәыршәаны.
Авакцина аҩбатәи абустертә доза ҟаҵатәуп актәи абустертә доза аҟаҵара ашьҭахь ҧшьымз еиҵамкәа аниаслак.