Қырҭтәыла имҩаҧысуеит   "Интерпол" амаӡаныҟәгара хада апроект MILLENIUM есышықәсатәи аконференциа
Қырҭтәыла имҩаҧысуеит   "Интерпол" амаӡаныҟәгара хада апроект MILLENIUM есышықәсатәи аконференциа

Хәажәкыра 25–26 Қырҭтәыла имҩаҧысуеит   “Интерпол” амаӡаныҟәгара хада апроект MILLENIUM есышықәсатәи аконференциа.

Аусмҩаҧгатә ааиртит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминситр актәи ихаҭыҧуаҩ  Рони Месхи, иара 25 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иааиз  60-ҩык раҟара аделегатцәа рҿаҧхьа дықәгылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, Рони Месхи  аатрансмилаҭтә ацәгьаура аҿагыларазы жәларбжьаратәи аусеицура иамоу аҵакы далацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи  «Интерполи» акыршықәса ирылагӡаны қәҿиарала аус шеицыруа.

 Апроект MILLENIUM есышықәсатәи аконференциа иалахәын Америкеи,  АвстриеиАзербаиџьани,  БельгиеиБолгариеиЧехиеи,  ЕстониеиФинлиандиеиГермантәылеи,  ПольшеиИзраилиИталиеи, Шәамахьтәылеи,  КазахстаниФранциеиНидерланди, егьырҭ атәылақәеи рҟынтә 60-ҩык раҟара аделегатцәа. 

“Интерпол” амаӡаныҟәгара хада апроект MILLENIUM атрансмилаҭтә еиҿкаау ацәгьаура аҿагылара иазкуп.