Қырҭтәыла имҩаҧысуеит Америкатә аҩы аекономистцәа рассоциациа есышықәсатәи аконференциа
Қырҭтәыла имҩаҧысуеит Америкатә аҩы аекономистцәа рассоциациа есышықәсатәи аконференциа

Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны  имҩаҧысуеит Америкатә аҩы аекономистцәа рассоциациа есышықәсатәи аконференциа.

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университетаҿ имҩаҧысуа ауснагӡатә рхы аладырхәоит Америка, Германтәыла,  Британиа Ду, Иапониа, Венгриа, Франциа, Канада, Австралиа, Аладатәи Африка, Нидерланды, Италиа уҳәа,  адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи  100ҩык инареиҳаны аҩытә експертцәа.

Дара аҩытә економикеи аиндустриеи иалацәажәоит. Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа ақырҭуа аҩыҟаҵара ауникалтә ҧышәеи ақырҭуа ажьхкқәеи рбоит.

Иахьа иаартыз аконференциа хыркәшахоит нанҳәа   28 рзы.