Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак Луиза Винтон аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылҭеит авирус аҽыхьчаратә маҭәарқәа
Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак Луиза Винтон аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылҭеит авирус аҽыхьчаратә маҭәарқәа

Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, атәылауаа рыла аҧҟарақәа рықәныҟәара  аҵаки,  аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу ауааҧсыреи аҽыхьчаратә медицинатә хархәагақәа рыла реиқәыршәара аҵаки,  – абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит  ауаҩытәыҩса изинқәеи агендертә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла Аҧыза-министр ибжьагаҩ Лела Ақьиашвилии, Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Нино Цациашвилии, Қырҭтәыла аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи аминистр ихаҭыҧуаҩ Нино Ҭандилашвилии,  NCDC афинанстә департамент аиҳабы Оҭар Намиҷеишвилии,  Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак Луиза Винтони аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы.

 Аиҧылара алахәылацәа акоронавирус ахкҿыц апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун асабрдақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи аҵакы, ишазгәаҭаз ала, абарҭ аҧҟарақәа зегьы реиҳа зҵакы дуу апревенциатә уснагӡатәқәа иреиуп. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан иаарту, иара убас, иарку ақәыҧшылараҿы асабрада ииашаны аныҟәгара аҵакы. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, акоронавирус аларҵәара апревенциа амзызла, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҵакы ду амоуп зсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьоу ауааҧсыреи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи ахыхьчаратә хархәагақәа рыла реиқәырәшара азҵаара. 

Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак Луиза Винтон аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылҭеит асабрадақәеи, азынхархәаратә халаҭқәеи анапхаҵақәеи. Атәыла зехьынџьара урҭ рхы иадырхәоит  8 000ҩык ауаҧсыра. 

Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак ишылҳәаз ала, ауаажәлар рзы зҵакы дуу аус назыгӡо, зусура аҷыдара амшала аҩнынтә аусура злымшо  аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аҽыхьчаратә хархәагақәа рыла реиқәыршәара азҵаара аҵакы ду амоуп.    

Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма еснагьтәи ахаҭарнак Луиза Винтон ишазгәалҭаз ала, лара  акоронавирус аҿагылара апроцесс аҿы ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла дацхраауеит.