Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра инамаданы иаланарҵәаз аҳәамҭа
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра инамаданы иаланарҵәаз аҳәамҭа

 

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра инамаданы  аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Қарҭ иҟоу Америка ацҳаражәҳәара Леқсо Лашкарава иуацәеи, иколлегацәеи, иҧсра згәы иалсыз ауааҧсыреи ирыдашшылоит. Леқсо, амедиа – профессионал иаҳасабала,  кыршықәса рыҩнуҵҟа аус иуан, ауаҩы иҧсҭазаара иатәазымбо ауааҧсыра гәымбылџьбарала дрыпҟаанӡа дыззымдыруазгьы рацәазар ҟалап. Леқсо иколлега данихьчоз иааирҧшыз афырхаҵареи  жәытәнатәаахыс абри атәылаҿы зыхә ршьоз ахадаратә хақәиҭрақәа рызгәыкреи ақырҭуа жәлар иреиҕьу рҟазшьақәа иреиуп.

Леқсо иқәларазы џьоукы аанкылоуп, уи аиашаӡбара амҩаҧгара аганахьала раҧхьатәи шьаҿоуп. Ақырҭуа журналист цыҧхьаӡа ишәарҭадара аиқәыршәара амзызла, рашәара  5 рзы иҟалаз амчылара иалахәыз ауааҧсыра зегьы аарҧшны, ахьырхәра ҕәҕәа рыҭазароуп. Ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит рҽырҭынчны, амчылара иаҟәыҵырц», — иануп аҳәамҭаҿы.