Ҧхынгәы инаркны, Қырҭтәыла етапла аиуеит авакцина Pfizer миллион адозақәа, — Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ари атәы ааицҳаит иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла аиуеит авакцина 4 миллион адозақәа.
« Pfizer аҟны қәҿиарала имҩаҧаагаз аиҿцәажәарақәа рыбзоурала, ҳара миллион адозақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩхьеит, аҧара ҳшәахьеит. Ҧхынгәы инаркны, Pfizer, етапла, авакцина миллион адозақәа ҳзаашьҭра иалагоит. Зынӡа, ашықәс анҵәамҭанӡа, авакцина 4 миллион адозақәа ҳаураны ҳаҟоуп, убри абзоурала, зықәра наӡоу ҳуааҧсыра 60 наӡына алаҵақәа рзыҟаҵара ҳалшоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Америка аиҳабыреи ахадеи рыӡбара ала, Қырҭтәыла, авакцина Pfizer шәнызқьла адозақәа ҳамҭас аиуеит.