Қырҭтәыла ахада Швеицариатәи аконфедерациаҿы лофициалтә визит иалагеит
Қырҭтәыла ахада Швеицариатәи аконфедерациаҿы лофициалтә визит иалагеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аофициалтә визитла Швеицариатәи аконфедерациа даҭааит. Лара Швеицариа иҳараку аҩаӡараҟны раҧхьатәи авизит мҩаҧылгоит.

Швеицариатәи аконфедерациаҿы атәыла ахада лвизит иалагоит Женева иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа рыла.

Атәыла ахада ауаҩытәыҩса изинқәа рзы  ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар  Мишель Бачелети, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор  Тедрос Гебреусиси дырҧылоит, иара убас, Аинтеллектуалтә хатәра адунеизегьтәи аиҿкаареи Аџьаус азы жәларбжьаратәи аиҿкаареи рҿгьы аиҧыларақәа мҩаҧылгоит, убри адагьы, атәыла ахада, Адунеизегьтәи аекономикатә форум анагӡаратә хантәаҩы, апрофессор  Клаус  Шваб диҧылоит.

Жьҭаара 15 рзы, Қырҭтәыла ахада, аофициалтә визитла Берн даҭаауеит, уаҟа, аҧылара аофициалтә церемониа ашьҭахь,  ҩ-тәылак рхадацәа ишиашо реиҧылара мҩаҧысуеит.

Швеицариатәи аконфедерациа ахада  Ги Пармелени Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии ирҭбаау аформат аҿгьы еиҧылараны иҟоуп, анеҩс, ахадацәа апрессазы аҳәамҭақәа ҟаҵаны, ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак рырҭоит.

Иара убас, Берн, Қырҭтәыла ахада, Швеицариа амилаҭтә хеилак актәи авице-ахада  Ирен Келин дылҧылараны дыҟоуп.