Қырҭтәыла ахада ҧхынгәы 18 инаркны апарламент изаамҭаным аилатәарақәа ааҧхьара лгәы иҭоуп
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ҧхынгәы 18 инаркны апарламент изаамҭаным аилатәарақәа ааҧхьара лгәы иҭоуп.
Изаамҭаным асессиа ааҧхьара иазкны атәыла ахада илыдылкылаз ақәҵара апарламент иаларгалахьеит.
Саломе Зурабишвили лықәҵараҿ ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла Аконституциа 44 ахәҭаҷ аҩбатәи апункт инақәыршәаны, апарламент изаамҭаным асессиа иалагароуп ҧхынгәы 18 инарнкы.