Қырҭтәыла ахада ладминистарциа ахыбраҿ абираҟқәа лашьҭуп
Қырҭтәыла ахада ладминистарциа ахыбраҿ абираҟқәа лашьҭуп

2008 шықәса нанҳәазы иҟалаз аибашьра иалаӡыз ауааԥсыра ргәаларшәара азы, Қырҭтәыла ахада ладминистарциа ахыбраҿ абираҟқәа лашьҭуп.

Аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла зехьынџьара иҟоу административтә хыбрақәеи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҿы.

2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьраан иҭахеит 400-ҩык иреиҳаны. Ақәԥараҿ иҭахақәази ахәрақәа заузи рхыԥҳьаӡара 2232-ҩык иаҟароуп, урҭ рҟынтә 1045-ҩык арратә маҵзуҩцәа роуп.