Қырҭтәыла ахада аоппозициа ахаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара налыгӡоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аоппозициа ахаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара налыгӡоит.
Иахьа лара «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ника Мелиа диҧылоит.
Ҧыҭраамҭак ашьҭахь атәыла ахада «Гирчи» ахаҭарнак Иаго Хвичиа диҧылоит, иара апрезиденттә ахан ашҟа днеихьеит.
Уаанӡа, Қырҭтәыла ахада, «Лелои», «Амилаҭтә ҵысреи», «Қырҭтәыла адгылареи» , «Атәылауааи» ахаҭарнакцәа дырҧылеит.