Қырҭтәыла авакцина   «Синоваки»  «Синофарми» миллион адозақәа аиуит
Қырҭтәыла авакцина   «Синоваки»  «Синофарми» миллион адозақәа аиуит

Қырҭтәыла авакцина   «Синоваки»  «Синофарми» миллион адозақәа аиуит

 

Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҿыц дозақәа аиуит. Ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, атәылашҟа иааргеит авакцина  «Синофарми»  «Синоваки».

«Иахьа ҳара авакцина миллион адозақәа ҳауит. Китаитәи авакцинақәа «Синофарми»  «Синоваки» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа рымоуп.  Миллион адозақәа аҭыҧаҿы иҟоуп. Ашәахьа инаркны амассатә вакцинациа алагара ҳазыхиоуп. Ажәлар аинформациа рысҭар сҭахуп иҵегьы иҳаураны иҟоу адозақәа ирызкны.  Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ҳара ишиашо ааглыхыҩцәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагон. Ари апроцесс қәҿиарала ихыркәшоуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.